Женева Урыстәылеи Америкеи рхадацәа реиҧылара иалагеит
 Женева Урыстәылеи Америкеи рхадацәа реиҧылара иалагеит

   Женева Урыстәылеи Америкеи рхадацәа  Џьо Баидени Владимир Путини реиҧылара иалагеит.

Аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит  шәышықәса зхыҵуа авилла  «Ла Гранж» аҿы.

Швеицариа ахада  Ги Пармелини алидерцәа хаз-хазы авиллашҟа инаганы, Баидени Путини алҵшәа зхылҵша адиалог амҩаҧгара рзеиҕьеишьеит.

Америка – Урыстәылатәи асаммит инамаданы, Женева ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа зеиҧшҟамлац ала ирҕәҕәоуп.  Ақалақь аҿы еиҭаҵуеит апатрультә машьынақәеи акәылӡтехникеи.

«Ҳаҭыр зқәу ахада, шәинициативазы, иахьатәи ҳаиҧыларазы ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп.  Аныҟәара ду шшәымоу, шәусқәа шырацәоу здыруеит. Аха, уезгьы, урыстәыла-америкатә еизыҟазаашьақәа рҿы иӡбатәу азҵаарақәа рацәахеит. Ҳаиҧылара алҵшәа ахылҵып ҳәа сгәыҕуеит»,— иҳәеит Владимир Путин аиҧылара алагамҭазы.

«Иарбанзаалак ишиашо аиҧылара  —  хырҳагара злоу аиҧылароуп. Ҳара  иаҳзеиҧшу азҵаарақәа ахьыҟоу, насгьы, ҳҳәатәы ахьеиәқыршәо азҵаарақәа ааҳарҧшыр ҳҭахуп.  Ҳҳәатәы ахьеиқәымшәо азҵаарақәа ирыдҳәаланы, иаҭаху  зегьы ҟаҳҵароуп  абарҭ азҵаарақәа профессионалла рыхәаҧшра ҳалшарц азыҳәан»,— аҭак ҟаиҵеит Баиден.

Убри аамышьҭахь иалагаз аиҿцәажәарақәа рхы рыладырхәоит Урыстәылеи Америкеи рхадацәеи, адәныҟаполитикатә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа Сергеи Лаврови Ентони Блинкени, аиҭагаҩцәеи.

Аиҿцәажәарақәа мҩаҧгахоит ирҭбаау аформат аҿгьы. Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәеи, астратегиатә ҭышәынтәалареи, акибершәарҭадареи, акоронавирус апандемиеи, арегионалтә проблемақәеи ирылацәажәоит. Абри аконтекст аҿы иазааҭгылоит Украинеи, Беларуси, Ашьхатә Ҟарабахи, иара убас, Алеқсеи Yавальни, ауаҩытәыҩса изинқәеи, Урыстәылеи Америкеи  иаанкылоу абарҭ атәылақәа ртәылауаа рхақәиҭтәреи ирызку азҵаарақәа.