Женева Ентони Блинкени Сергеи Лаврови реиҧылара мҩаҧысуеит
Женева Ентони Блинкени Сергеи Лаврови реиҧылара мҩаҧысуеит

Женева  Америа аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкени Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиҧылара мҩаҧысуеит.

Аиҧылара иалагаанӡа Ентони Блинкен ишиҳәаз ала, аиҧылара амҩаҧгара алшара деигәырҕьеит.

«Ари аиҧылара амҩаҧгара алшара ахьҳауз сеигәырҕьоит. Уи Украина иаҿагылоу аурыс агрессиа аҽацәыхьчареи аибарххара аиҵатәреи иазку ҳҽазышәарақәа иреиуп. Сара апартниорцәеи ҳадгылаҩцәеи рҟны аконсультациақәа мҩаҧганы ауп абрахь сшааиз. Ҳара аҳәатәеиқәымшәара аҧыхразы адиалог ҳазҿлымҳауп, аха, Урыстәыла Украина иажәылар,   ирласӡаны иахәҭоу аҭак ҟаҳҵоит», — иҳәеит Блинкен.

Сергеи Лавров ишиҳәаз ала, иахьатәи аиҧылараҿы Урыстәыла ажәалагалақәа рзы аҭак дазыҧшуп.

«Европатәи атур ашьҭахь ишышәҳәаз еиҧш, иахьатәи аиҧылараҿы крызҵазкәа аӡбарақәа ҟалоит ҳәа шәгәы иаанагом, ҳаргьы крызҵазкәа аиҭакрақәа ҳрызҧшым. Ҳара иҟаҳҵаз ажәалагалазы аконкреттә аҭак ҳазыҧшуп. Иарбанызаалак ҳәынҭқаррак, даҽа ҳәынҭқаррак ахарџьла ахатә шәарҭадара арҕәҕәара залшом. Уи иануп Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳхы иадаҳҵаз аҧхықәрақәа рҿы. Америка абарҭ аҧхықәрақәа ишрызныҟәо интересс исымоу», — иҳәеит Лавров.