Жан Кастекс – Франциа Қырҭтәылазы аҧыжәара змоу партниорс иаанхоит  
Жан Кастекс – Франциа Қырҭтәылазы аҧыжәара змоу партниорс иаанхоит  

Франциа Қырҭтәылазы аҧыжәара змоу партниорс иаанхоит, Евроеидгылеи НАТОи рҟны шәеизыҟазаашьақәа рырҕәҕәараҿы ҳшәыцхраар ҳҭахуп, – иануп Франциа Аҧыза-министр Жан Кастекс Гьаргь Гахариа  аиҳабыра ранапхгаҩыс иалхра ахьидиныҳәало  ашәҟәы аҟны.

Франциа Аҧыза-министр идныҳәаларатә шәҟәы аҟны ишазгәаҭоу ала, Франциа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит.

„Ҳаҭыр зқәу Аҧыза-министр, уажәааны абри амаҵзураҭыҧ аҿы шәшьақәдырҕәҕәеит, гәыкала ишәыдысныҳәалар сҭахуп.  Шәтәылагьы Франциагьы аепидемиологиатәи аекономикатәи проблемақәа ирҭагылоуп, адунеи зехьынџьара адемократиатә принципқәа  ҧырхага роуит, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа иҭышәынтәалам. Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы гәахәарала ишьақәсырҕәҕәар сҭахуп Франциа Қырҭтәылазы крызҵазкәа партниорс ишаанхо. Евроеидгылеи НАТОи рҟны шәеизыҟазаашьақәа рырҕәҕәараҿы ҳшәыцхраар ҳҭахуп, избанзар шәтәыла крызҵазкәа ароль нанагӡоит Мрагыларатә партниорра аҳәаақәа ирҭагӡаны.  Ҧхынҷкәын 12 рзы аҳадаҳкылаз  акоммиунике аҿы Франциеи Германтәылеи иаҵшьны иазгәарҭеит Қырҭтәыла адемократиатә институтқәа рырҕәҕәареи шәтылаҿы шәызлагаз ареформақәа рынагӡареи аҵакы ду шанаршьо. Зыӡбахәы ҳәоу атәылақәа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло. Агәра шәсыргар сҭахуп ҳара афорумқәа зегьы рҿы абри апозициа шааҳарҧшуа. Аҵыхәтәаны, иазгәасҭар сҭахуп 2019 шықәсазы Париж иааҳартыз      Франциеи Қырҭтәылеи рыбжьара ҩ-ганктәи астратегиатә диалог аҩбатәи аилатәара 2021 шықәсазы амҩаҧгара даараӡа ҳшазҿлымҳау.  Даҽазнык ишәыдысныҳәалоит, ҳаҭыр зқәу Аҧыза-министр, акы еиҧшымкәа сшәыҳәоит пату шшәықәысҵо агәра жәгарц”, – иануп Франциа Аҧыза-министр идныҳәаларатә шәҟәы аҟны.