Жәабран  8еи  15и инаркны Қырҭтәыла иаҧыхзаауа аҧкрақәа
Жәабран  8еи  15и инаркны Қырҭтәыла иаҧыхзаауа аҧкрақәа

Аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа жәабран 8еи 15и инаркны атәылаҿы иаҧыхзаауа аҧкрақәа дрылацәажәеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала,  ауааҧсыра хымҧада ашәарҭадаратә ҧҟарақәа зегьы ирықәныҟәалароуп.

«Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазкны иазгәасҭар сҭахуп, ацифрақәа агәыҕра ду ҳарҭоит. Ҳара ишаҳҳәаз ала, иҵоуроу адинамика ҟалар,  ҳаҧхьаҟа аҧкрақәа рырмариара азҵаара ҳалацәажәоит.  Есымшатәи аинфицирра арбага  4 наӡынак иреиҵуп, убри аҟынтә, ҳара игәаҕьны,  гәҽанызаарыла аҧкрақәа рырмариара ҳалшоит.  Аха, ҳазынтәгьы аҭакҧхықәра ду шҳаду еилаҳкаароуп, аҧҟарақәа зегьы наҳагӡалароуп.  Ирласны аҧкрақәа зегьы раҧыхра ҳалагар  —  урҭ реиҭашьақәыргылара ҳақәшәоит.  Ааҧынра анҵәамҭеи аҧхынра алагареи азы аекономика иаҳа аартреи атуризм аус аруреи ҳалшарц азыҳәан, шәааи, акоронавирус аҿагылараҿы иҳамоу ақәҿиарақәа ҳреиҷаҳап.  Ҳара ҳаилацәажәан, ишыҳаӡбаз ала, ашәахьа, жәабран  8 инаркны, Қырҭтәыла зехьынџьара амуниципалтә транспорт аусура еиҭалагоит, иара убас, аџьармыкьақәагьы ааҳартуеит. Мчыбжьык ашьҭахь, жәабран 15 инаркны ахәыҷқәа аклассқәа рҿы аҵаратә процесс нарыгӡоит. Иара убас, жәабран 15 инаркны акрыфаратә обиектқәа, аресторанқәагьы нрылаҵаны,  иаарту ақәыҧшылараҿы аусура иалагар рылшоит», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.