Жьҭаара 7-8 рзы Қырҭтәыла иаҭаауеит НАТО Арратә комитет
Жьҭаара 7-8 рзы Қырҭтәыла иаҭаауеит НАТО Арратә комитет

Аҧшьашазы Қырҭтәыла иаҭаауеит НАТО Арратә комитет. Аделегациа анапхгара азиуеит  акомитет ахантәаҩы ҿыц, адмирал Бауер.

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа инақәыршәаны,  Аҩадаатлантикатә алианс иреиҳаӡоу арратә орган ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла рвизит  даҽазнык аанарҧшуеит НАТО Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, аҩадаатлантикатә ҽазышәарақәеи ишадгыло.

«Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, НАТО Арратә комитет апленартә аилатәара мҩаҧысуеит, уи аан, акомитет алахәылацәа инарҭбаау аинформациа роуеит арегион аҿы ашәарҭадара аганахьала аҭагылазаашьеи атәыла аҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәеи ирызкны.  Аганқәа еицымҩаҧырго аилатәараҿы иалацәажәоит Атәылахьчаратә мчқәа ртрансформациеи, НАТОи Қырҭтәылеи русеицура аҵаки, ҳаҧхьаҟа аҧыжәара зауа азҵаарақәеи,  урҭ рыгәҭа, Амшын еиқәа ашәарҭадара азҵаарагьы», — иануп Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭаҿы.

Иара убас, ҩ-ганктәи аиҧыларақәагьы мҩаҧысуеит. НАТО Арратә комитет ахантәаҩы Қырҭтәыла аҧыза-министри, Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра анапхгаҩцәеи дырҧылоит.