Жьҭаара 4 инаркны аҵара аклассқәеи аудиториақәеи рҿы нагӡахоит
Жьҭаара 4 инаркны аҵара аклассқәеи аудиториақәеи рҿы нагӡахоит

Жьҭаара 4 инаркны аҵара аклассқәеи аудиториақәеи рҿы нагӡахоит. Аӡбара рыдыркылеит Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак еилатәара аҿы.

Иара убас, аҵаратә процесс иалагоит ахәыҷ баҳчақәа рҿы.

Аха аҵаҩцәа аҵара адистанциатә режимла нарыгӡар рылшоит.

Аепидемиологиатә  ҭагылазаашьа цәгьа иахҟьаны, нанҳәа 31 рзы ирыдыркылаз аӡбара инақәыршәаны, цәыббра 15 инаркны жьҭаара  4-нӡа ашколқәа рҿы аҵаратә процесс мҩаҧгахоит анахаралатә режим аҿы, абри аҩызаҵәҟьа арегулиациа амч амазаауеит иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәеи азанааҭтә ҵараиурҭақәеи рҿгьы.