Жьҭаара 2 рзы имҩаҧысуа алхрақәа рхы рыладырхәоит  3 497 345ҩык алхыҩцәа
Жьҭаара 2 рзы имҩаҧысуа алхрақәа рхы рыладырхәоит  3 497 345ҩык алхыҩцәа

Жьҭаара 2 рзы имҩаҧысуа алхрақәа рхы рыладырхәоит  3 497 345ҩык алхыҩцәа, — ари атәы аарыцҳаит алхыҩцәа иаку рсиа иазкны Алхратә комиссиа хадаҿы имҩаҧгаз абрифинг аан.

Акомиссиа апресс-маӡаныҟәгаҩ  Наҭиа Иоселиани ишылҳәаз ала, цәыббра 15 рзы Алхратә комиссиа хада аиуит апотенциалтә алхыҩцәа ирызку, ирҿыцу адыррақәа.

«Алхратә администрациа ахаҭарнакцәа алхыҩцәа иаку рсиа аус адулара хдыркәшеит. Жьҭаара 2 рзы имҩаҧысуа амуниципалтә алхрақәа рҿы абжьыҭира азин рымоуп   3 497 345ҩык  алхыҩцәа. Қарҭ — 1 002 900ҩык алхыҩцәа иҟоуп, урҭ рҟынтә Крҵанистәи алхырҭаҿы ашәҟәы иҭагалоу  41 314ҩык алхыҩцәа алхрақәа ирылахәхәоит аелектронтә технологиақәа рхархәарала.

Раҧхьаӡа акәны сынтәа алхрақәа ирылахәхәоит  зықәра наӡаз   39 135ҩык, — ирҳәеит Алхратә комиссиа хадаҿы.