Зеландиа Ҿыцтәи ақалақь Краистчерч аҿы аполициа хаҭарнакцәа аҧжәага рыҧшааит
Зеландиа Ҿыцтәи ақалақь Краистчерч аҿы аполициа хаҭарнакцәа аҧжәага рыҧшааит

Зеландиа Ҿыцтәи ақалақь Краистчерч аҿы аполициа хаҭарнакцәа аҧжәага рыҧшааит. Даанкылоуп 33 шықәса зхыҵуа ахаҵа. Аҧжәага ақалақь Краистчерч ааигәара, Филипстаун аҿы иҭацәыз аҩнаҟны ирыҧшааит.

Ахҭыс адетальқәа идырым.

Хәажәкыра 15 рзы Зеландиа Ҿыц ақалақь Краистчерч аџьаама аҟны иҟалаз ақәылараан 50 ҩык ҭахеит.