Зеиԥшҟамлац ахҭыс – «Диснеи» Актәи аканал апартниоруп
Зеиԥшҟамлац ахҭыс – «Диснеи» Актәи аканал апартниоруп

Қырҭтәыла раԥхьаӡа акәны еилахәыра «Диснеи»-и (The Walt Disney Company Қырҭтәыла Актәи аканали еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Актәи аканал 2021 шықәса ажьырныҳәа инаркны алицензиа змоу иоригиналу, аофициалтә контракт ала иазыԥхьагәаҭаны, ақырҭуа бызшәахь еиҭагоу апродукциа ахәаԥшцәа ирыднагалоит.

Аконтракт ала иазыԥхьагәаҭоуп 349 афильмқәа рырбара. Аилахәыра Disney ада, ахәаԥшцәа иддырбоит еицырдыруа еилахәырақәа рфильмқәа Marvel20th Century StudiosLucasfilm.

Аримациақәа мацара акәымкәа, Қырҭтәыла Актәи аканал ахәаԥшцәа  ирыднагалоит Disney афильмқәа: Lucasfilm- (Star Wars), иара убас Marvel-и 20th Century Studios афильмқәа.

Ажьырныҳәа инаркны Қырҭтәыла ауаажәларатә дырраҭара аефир аҿы ахәаԥшцәа иддырбоит «Греммии», «Бафти», «Ахьтәы пальма амахәи», «Ахьтәы алыми», «Ахьтәы амшәи» уҳәа уб. Егь. аԥхьахәқәа занаршьаз афильмқәа.

Қырҭтәыла ауаажәларатә дырраҭара адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили лажәақәа рыла, абри еиԥш зымҽхак ҭбаау еилахәырақәа рҟны аусеицуреи апродукциа аофициалтә хыҵхырҭақәа рҟынтә раахәареи Ауаажәларратә дырраҭара аԥсазара ду аанарԥшуеит.