Заал Удумашвили – Иахьа ҳара Михаил Саакашвили ихақәиҭра ҳазықәҧоит
Заал Удумашвили – Иахьа ҳара Михаил Саакашвили ихақәиҭра ҳазықәҧоит

«Агәра ганы сыҟоуп хара имгакәа Саакашвили абахҭа дҭыҵны, абри апроцесс аҿы крызҵазкәа ажәа шиҳәо. Ақәҧара анагӡара иазку апланқәа акциаҿы ирылаҳҳәоит», — иҳәеит  «Иаку амилаҭтә ҵысра» алахәыла  Заал Удумашвили.

Иара иажәақәа рыла, иахьатәи акциа апартиатә хықәкқәа ирызкым.

«Иахьа абра ауаа рацәа еизоит.  «Амилаҭтә ҵысра» иадгылогьы, иаҿагылогьы, егьырҭ апартиақәа рхаҭарнакцәагьы. Ауаа партиас изыдгыло акәӡам аус злоу. Иахьа ҳара Михаил Саакашвили ихақәиҭра ҳазықәҧоит.  Михаил Саакавшили апартиа дахагылан, Қырҭтәыла ахҧатәи ахада иоуп, ҳтәыла аҿиараҿы алагара ду ҟаиҵеит.  Биӡина Иванишвили Михаил Саакашвили абахҭаҿ иныжьра азин имам. Абри атәылаҿы Путин игәахәтәы зынагӡахом.
Агәра ганы сыҟоуп хара имгакәа Саакашвили абахҭа дҭыҵны, абри апроцесс аҿы крызҵазкәа ажәа шиҳәо. Ақәҧара анагӡара иазку апланқәа акциаҿы ирылаҳҳәоит», — иҳәеит    Заал Удумашвили.