Хәажәкыра 2 инаркны,  аоппозициаа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа апикет рзыҟаҵара ргәы иҭоуп
Хәажәкыра 2 инаркны,  аоппозициаа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа апикет рзыҟаҵара ргәы иҭоуп

Хәажәкыра 2 инаркны,  аоппозициаа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа апикет рзыҟаҵара ргәы иҭоуп, —  апарламент ахыбра аҧхьа имҩаҧысуаз акциаҿы ари тәы аалыцҳаит  «Амилаҭтә ҵысра» алидерцәа иреиу Хаҭиа Деканоиӡе.

Лара лажәақәа рыла, акциақәа мҩаҧыргараны иҟоуп Қырҭтәыла аиҳабыра русмҩаҧгарҭеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи, апарламенти раҧхьа.

«Иааиуа амшқәа рзы имҩаҧаагараны иҟоу  апротесттә  акциақәа рплан шәыдазгалар сҭахуп. Иахьатәи акциа анеҩс, хәажәкыра 2 рзы, апарламент ахыбра апикет азура ҳгәы иҭоуп, нас, хәажәкыра 5 рзы,  аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы акциа мҩаҧаагоит, Биӡина Иванишвили итәы Иракли Ҕарибашвили ҳабжьы иаҳарцаз.   Хәажәкыра 9 рзы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апикет азыҟаҳҵоит, избанзар иахьа ари аусбарҭа ахаҭарнакцәа активистцәа  раанкылара иаҿуп.  Дара ауаҩытәыҩса изинқәа еиларгоит, дара ирзеилкаауам Биӡина Иванишвили иакәымкәа, ажәлари атәылеи  рымаҵ шыруша. Хәажәкыра  11 рзы, абри арежим рсимвол хада  — аӡбара аҧхьа акциа мҩаҧаагоит. Анеҩс,  абарҭ акциақәа рышьҭахь, хәажәкыра 13 рзы, еиҭах апарламент аҧхьа ҳаизаны, ахақәиҭразы даҽа акциак мҩаҧаагоит», — илҳәеит Хаҭиа Деканоиӡе.