Хәажәкыра  11 инаркны  13-нӡа Қырҭтәыла амш цәгьазаауеит
Хәажәкыра  11 инаркны  13-нӡа Қырҭтәыла амш цәгьазаауеит

Хәажәкыра  11 инаркны  13-нӡа Қырҭтәыла  алышәшәақәа леиуеит, хәажәкыра 12 рзы асы ауеит.

Аҧсабара амилаҭтә агентра адыррақәа рыла, ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы асыҭҳәа иазыҧшуп, амшын аҿы  3-4 абалл ашторм ҟалоит.

Алышәшәақәа рымшала Мраҭашәаратә Қырҭтәыла аӡиасқәа хыҵыр ауеит, ашьхараҿы асыҧсеи адгьылбгареи ашәарҭара иҟоуп.