Хара имгакәа, Акоординациатә хеилак ашьақәырҕәҕәаразы адаргалоит аковид-паспортқәа
Хара имгакәа, Акоординациатә хеилак ашьақәырҕәҕәаразы адаргалоит аковид-паспортқәа

«Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвиил инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы апаспорт иаҵәақәа   ирылацәажәеит. Зыӡбахәы ҳәоу апаспорт  роуеит авакцинациа акурс наӡа иахысыз ауааҧсыра. Абри азҵаара иадҳәаланы активла аусура мҩаҧысуеит. Хара имгакәа,  Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак  ашьақәырҕәҕәаразы адаргалоит зыӡбахәы ҳәоу апаспорт иаҵәақәа», — ари атәы аарыцҳаит аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аҟынтә.

Дара рҳәамҭала, аиҳабыреи апарламенти рылахәылацәа авакцинациа апроцесс рҽаладырхәоит.

Аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, атәыла анапхгара зегьы иреицәоу асценари азы ихиоуп, аиҳабыра ари апроцесс иахылаҧшуеит.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа даҽазнык ажәлар рахь ааҧхьара ҟарҵеит атәылаҿы ишьақәыргылоу арегулиациақәа зегьы ирықәныҟәаларц, ииашаны асабрадақәа рҿазарц, асоциалтә дистанциа рыхьчаларц.