Хаҭиа  Деканоиӡе  - Сара Михаил Саакашвили сиҧылеит, игәалаҟазаара бзиоуп, хара имгакәа абахҭа дҭыҵуеит, Қырҭтәылагьы ахы иақәиҭзаауеит, ҳара хымҧада аиааира ҳгоит
Хаҭиа  Деканоиӡе  - Сара Михаил Саакашвили сиҧылеит, игәалаҟазаара бзиоуп, хара имгакәа абахҭа дҭыҵуеит, Қырҭтәылагьы ахы иақәиҭзаауеит, ҳара хымҧада аиааира ҳгоит

Русҭавтәи абахҭа аҧхьа Михаил  Саакашвили идгыларатә акциа мҩаҧысуеит. Акциа еиҿыркааит  «Амилаҭтә ҵысра» активистцәа.

Акциаҿы дықәгылеит  «Амилаҭтә ҵысра» иалахәы  Хаҭиа Деканоиӡе, лара уажәааны Михаил Саакашвили абахҭаҿ дылбеит.

«Уажәааны абри абахҭаҿ сыҟан,  Михаил Саакашвили сиҧылеит,  иара шәыбжьқәа иаҳауеит,  ибзиабара шәзааишьҭуеит,  игәалаҟазаара бзиоуп,  хара имгакәа абахҭа дҭыҵуеит,  абри арежим ишаҵахо,   Қырҭтәыла ишаиааиуа агәра ганы дыҟоуп. Атәыла ахҧатәи ахада абахҭа дҭакуп,  уи уажәтәи аиҳабыра рзы ихьымӡҕуп,  ҳҳәынҭқарразы ихьымӡҕуп. Хара имгакәа иара ихы дақәиҭзаауеит,  Қырҭтәылагьы ахы иақәиҭзаауеит,  ҳара хымҧада аиааира ҳгоит. Ахақәиҭра азықәҧара ада аиааира зыҟалом,  уи мариам,  абри амҩа шәарҭоуп,  Миша уи идыруан,  аха иҧсадгьыл аҿы дахьыҟоу деигәырҕьоит,  шәыбжьы иаҳауеит,  аиааира ду дазыҧшуп», — илҳәеит Хаҭиа Деканоиӡе.