Урыстәылатәи амедиа – Урыстәыла Амшын еиқәа афлот, Амшын еиқәа аҿы,   британиатәи арратә дәыҕба Defender  ахырхарҭала агәҽанҵаратә хысра мҩаҧнагеит
Урыстәылатәи амедиа – Урыстәыла Амшын еиқәа афлот, Амшын еиқәа аҿы,   британиатәи арратә дәыҕба Defender  ахырхарҭала агәҽанҵаратә хысра мҩаҧнагеит

 

Урыстәыла Амшын еиқәа афлот, Амшын еиқәа аҿы,   британиатәи арратә аҕба Defender  ахырхарҭала агәҽанҵаратә хысра мҩаҧнагеит. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адырра ала, асааҭ 11:52 рзы, британиатәи аҕба, Урыстәыла аҳәаа иахысны,  акра Фиолент иазааигәаны, 3 километрк рыла атерриториатә мшын иҭалеит.

Акра Фиолент Урыстәыла ала импыҵахалоу Ҟрымтәи адгьылбжьахала аҿоуп иахьыҟоу.

Аларҵәара зауз аинформациа ала, британиатәи аҕба заанаҵы агәҽанҵара арҭеит Урыстәыла аҳәаа иахысыр ишиеихсуа азы, аха, есминец аекипаж абри агәҽанҵара атәарымбеит.

Аурыс медиа ишану ала, агәҽанҵаратә хысрақәа рнеҩс, асааҭ  12:23 рзы, британиатә арратә аҕба аинцидент ахьыҟалаз аҭыҧ иалҵит.