Урыстәылатәи аидараҕба Амшын Еиқәа аҿы, Ҭырқәтәыла аҟәара иазааигәаны иӡааҟәрылеит
Урыстәылатәи аидараҕба Амшын Еиқәа аҿы, Ҭырқәтәыла аҟәара иазааигәаны иӡааҟәрылеит

Урыстәылатәи аидараҕба Амшын Еиқәа аҿы, Ҭырқәтәыла аҟәара иазааигәаны иӡааҟәрылеит. Ари аинформациа аладырҵәеит ҭырқәтәылатәи АИХ, урҭ рдыррақәа рыла аепипаж хҩык алахәылацәа еиқәхеит.

Арыцҳара ҟалеит Бартин апровинциаҿы. Атәылаҿацә агубернатор иҳәамҭала, аҕбаҿы 15ҩык амшынуаа иҟан, уажәазы аҧшааратә операциа мҩаҧысуеит.  Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аепипаж алахәылацәа аиқәырхаратә анышьқәа рҿы иҟазар ҟалап.

Арыцҳара зыхҟьаз макьана еилкаам.