Урыстәыла апарламенттә делегациа импыҵахалоу Цхинвал иаҭааит
Урыстәыла апарламенттә делегациа импыҵахалоу Цхинвал иаҭааит

Импыҵахалоу Цхинвал иаҭааит Урыстәыла апарламенттә делегациа. Аҭыҧантәи АИХ адыррқәа рыла, аделегациа дахагылоуп Афедерациа аилак жәларбжьаратәи аусқәа рзы акомитет ахантәаҩы  Константин Косачиов.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, аделегациа анапхгаҩы импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион де-факто ахада Анатоли Бибилов диҧылеит. Косачиов ишиҳәаз ала, аделегациа Цхинвал иаҭааит аҩ-палатак рнапхгаҩцәа рыхьӡала, 2 тәылак рыбжьара апарламенттә еизыҟазаашьақәа амеханизм аус аруразы.