Урыстәыла акоронавирус зыдбалаз  ауаа рхыԥхьаӡара 7 миллионҩык иреиҳауп
Урыстәыла акоронавирус зыдбалаз ауаа рхыԥхьаӡара 7 миллионҩык иреиҳауп

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла акоронавирус 18 645-ҩык рыдбалан, ачымазара иалҵит 15 256-ҩык.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла рыԥсҭазаара иалҵит 793-ҩык.

Ари атәы аарыцҳаит атәыла аиҳабыра иаҵанакуа аоперативтә штаб аҟынтә.

Апандемиа иалагеижьҭеи нанҳәа 5-нӡа Урыстәыла акоронавирус рыдбалан  7 012 000-ҩык иреиҳаны, ачымазара иалҵхьеит 6 270 000-ҩык иреиҳаны апациентцәа, 187 200-ҩык иԥсхьеит.