Урыстәыла  акоронавирус   22 572 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 352ҩык апациентцәа иҧсит
Урыстәыла  акоронавирус   22 572 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 352ҩык апациентцәа иҧсит

 

 

Аҵыхтәантәи 24 сааҭ рыла Урыстәыла  акоронавирус  22 572  афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 14 456ҩык ачымазара иалҵит,  352ҩык апациентцәа иҧсит. Ари аинформациа аланарҵәеит атәыла Агәабзиарахьчара аминистрра.

Иахьа уажәраанӡа Урыстәыла  акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп  1 925 825ҩык, урҭ рҟынтә  1 439 985ҩык ачымазара иалҵит, 33 186 ҩык апациентцәа иҧсит.