Урыстәыла акоронавирус 18 024-ҩык рыдбалан, рыԥсҭазаара иалҵит 797-ҩык
Урыстәыла акоронавирус 18 024-ҩык рыдбалан, рыԥсҭазаара иалҵит 797-ҩык

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла акоронавирус 18 024-ҩык рыдбалан, ачымазара иалҵит  18 262-ҩык.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла рыԥсҭазаара иалҵит 797-ҩык.

Ари атәы аарыцҳаит атәыла аиҳабыра иаҵанакуа аоперативтә штаб аҟынтә.

Апандемиа иалагеижьҭеи нанҳәа 8-нӡа Урыстәыла акоронавирус рыдбалан   7 065 000–ҩык иреиҳаны, ачымазара иалҵхьеит 6 320 000-ҩык иреиҳаны апациентцәа, 189 582-ҩык иԥсхьеит.