Урыстәыла акоронавирус 17 856-ҩык рыдбалан,  рыԥсҭазаара иалҵит 790-ҩык
Урыстәыла акоронавирус 17 856-ҩык рыдбалан, рыԥсҭазаара иалҵит 790-ҩык

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла акоронавирус 17 856-ҩык рыдбалан, ачымазара иалҵит  14 276-ҩык.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла рыԥсҭазаара иалҵит 790-ҩык.

Ари атәы аарыцҳаит атәыла аиҳабыра иаҵанакуа аоперативтә штаб аҟынтә.

Апандемиа иалагеижьҭеи нанҳәа 5-нӡа Урыстәыла акоронавирус рыдбалан  7 030 000-ҩык иреиҳаны, ачымазара иалҵхьеит 6 285 000-ҩык иреиҳаны апациентцәа, 187 990-ҩык иԥсхьеит.