Украинатәи Рада аларгалаз арзаҳал ишану ала, Украина Нато алалара иконкрету аҿҳәара шьақәгылатәу
Украинатәи Рада аларгалаз арзаҳал ишану ала, Украина Нато алалара иконкрету аҿҳәара шьақәгылатәу

Украина иреиҳаӡоу Рада идҵаны иқәнаргылоит, Украина Нато алалара иконкрету аҿҳәара шьақәдыргыларц. Ари иануп Украина азакәанԥҵаратә аиҿкаара алахәылацәа жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи егьырҭ атәылақәа рпарламентқәеи рахь иҟарҵаз ааԥхьараҿы.

Ари ажәалагала иадгылеит 282-ҩык адепутатцәа. Иаҿагылеит аоппозициатә платформа “Аԥсҭазааразы” хаҭарнакцәа мацара.

“Иреиҳаӡоу Рада ааԥхьара ҟанаҵоит ЕАР-и, Европарламенти егьырҭ атәылақәа реиҳабырақәеи рпарламентқәеи рахь Украина европатәи аперспектива иахзарҵарц, атәыла Нато алалара иконкрету аҿҳәара шьақәдыргыларц,” – иануп аҳәамҭа аҿы.

Иреиҳаӡоу Рада аҳәамҭа аҿы ишазгәаҭоу, Нато алалара азҵаара атәыла аконституциаҿ иануп. Аҳәамҭа авторцәа ишазгәарҭаз, Украина атәылауаа реиҳараҩык Украина Нато алалара иадгылоит.

Укарина апарламент аҳәамҭа аҿы Бухаресттәи асаммит аҿы ирыдыркылаз аӡбара атәы аҳәоуп. Бухарест мҩаԥгаз Нато асаммит аҿы Украина Нато алалара иазку аӡбара рыдыркылеит.

Иара убас, Украина апарламент жәларбжьаратәи аиҿкарақәа рахь ааԥҳьара ҟарҵоит, Украина атерриториатә акзаара аилагара хықәкыс измоу Урыстәыла аполитика иаҿагыларц.