Украинатәи ажурналист Дмитри Гордон ишааицҳаз ала, иара Қырҭтәыла алалара  азин ирымҭеит
Украинатәи ажурналист Дмитри Гордон ишааицҳаз ала, иара Қырҭтәыла алалара  азин ирымҭеит

Украинатәи ажурналист Дмитри Гордон ишааицҳаз ала,  Қырҭтәыла анапхгара атәыла алалара  азин ирымҭеит. Иара ари атәы иҩит  «Telegram» аҿы.

«Сааҭк аҧхьа Қарҭ сааит. Апаспорттә гәаҭаратә пункт аҿы сааҭк сыҧшны сгылан спаспорт аштам ақәырҵаанӡа.  Аха, нас, аофициалла исзаарыцҳаит Қырҭтәыла алалара азин сшымам.  Амзыз сарымҳәеит. Иацы  Украина Адәныҟатәиа усқәа рминистрра Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәарала иадҵаалт Русҭавтәи абахҭаҿ Михаил Саакашвили ибара алшара сырҭарц.

Иҟалаз афакт  — жәларбжьаратәи аҭыӡшәоуп, ақырҭуа напхгара рзы иҧхашьагоуп», — иҩит Гордон.