Украинатәи аҳақьым  - Саакашвили анализқәеи амедицинатә процедурақәеи рыҟааразы мап икит
Украинатәи аҳақьым  - Саакашвили анализқәеи амедицинатә процедурақәеи рыҟааразы мап икит

Украинатәи аҳақьым  – Саакашвили анализқәеи амедицинатә процедурақәеи рыҟааразы мап икит

 

Украинатәи аҳақьым  Максим Парабинис  русҭавтәи абахҭаҿы Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили дибеит.

Иара ишиҳәаз ала, Саакашвили амедицинатә гәаҭара изымҩаҧгара азин ирымҭеит.

«Сара амедицинатә гәаҭара сзымҩаҧымгеит,  избанзар абахҭа администрациа иара иахь снармышьҭит,  Саакашвилии сареи ҳанеицәажәоз асаркьатә бариер ҳабжьан. Саакашвили ишиҳәаз ала,  иахьа инаркны амедицинатә цхыраара мап ацәикуеит. Иара анализқәеи амедицинатә процедурақәеи рыҟаҵаразы мап икит», — иҳәеит украинатәи аҳақьым.