Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Ҳара Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа ҳҽалаагалом  - уи ҳпринциптә позициоуп
Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Ҳара Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа ҳҽалаагалом  - уи ҳпринциптә позициоуп

Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра   Қырҭтәыла аамҭалатәи ахаҭарнак Сандро Ҭоҧуриа иааҧхьара иазкны аофициалтә информациа аланарҵәеит.

«Жьҭаара 2 рзы, Украина иҟоу Қырҭтәыла аамҭалатәи ахаҭарнак Сандро Ҭоҧуриа  Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь иҧхьеит. Адипломат Саакавшили Қырҭтәыла иаанкылара иазку аинформациа ҳаиҭеит.

Украинатәи аган иаҵшьны иазгәарҭеит Саакашвили изакәантә зинқәа хымҧада ишыхьчатәу, иара убас, ақырҭуа аган рахь ааҧхьара ҟарҵеит Украина аконсул Саакашвили иахь днарышьҭырц аиуристтәи аконсултәи цхыраара иҭаразы.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра атәыла апринциптә позициа шьақәнарҕәҕәеит -Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рҽаламгалара, — иануп Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.