WHO - Covid-19 индиатәи авариант 17 тәылақәа рҿы аарԥшуп
WHO - Covid-19 индиатәи авариант 17 тәылақәа рҿы аарԥшуп

WHO – Covid-19 индиатәи авариант 17 тәылақәа рҿы аарԥшуп. Ари атәы аанацҳаит “Гардиан” Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи еиҿкаара адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Аиҿкаара адыррақәа рыла, акоронавирус индиатәи авариант – В.1.617 зегь реиҳа ирацәаны афктқәа аарԥшуп Индиеи, Британиа Дуи, ЕАШ-и, Сингапури рҟны.

Индиа ицәгьахаз аепидҭагылазаашьа афон аҿы, атәылақәа рацәаны Индиаҟны анеиааира ааныркылеит, Индиа ныҟәара аҭоурых змоу атәылауаа рҭаара аанкылоуп.