Уаҵәы Баҭым ақалақьтә транспорт аусура еиҭалагоит
Уаҵәы Баҭым ақалақьтә транспорт аусура еиҭалагоит

Уаҵәы, асааҭ  07:00 инаркны, Баҭым амуниципалтә транспорт аусура еиҭалагоит.

Баҭым ахадара  ишаарыцҳаз ала, атранспорттә хархәагақәа зегьы адезинфекциа рызуп.

Амуниципалтә транспорт аус ауеит абри аграфик ала: ашәахьа инаркны ахәаша иналаҧхьаӡаны, асааҭ  07:00 инаркны  21:00-анӡа, амаршруттә таксиқәа  — асааҭ  08:00 инаркны  20:00-нӡа.

Атранспорт апассаџьырцәа зегьы асабрадақәа рҿазароуп, иара убас,  ишгылоу ацара азин рымам.