Уаҵәы «Амилаҭтә ҵысра»  Қарҭ даҽа митингк мҩаҧыргоит
Уаҵәы «Амилаҭтә ҵысра»  Қарҭ даҽа митингк мҩаҧыргоит

«Уаҵәы Қарҭ, асааҭ  14:00 рзы,  Важа-Ҧшавела  ибаҟа ааигәара амитинг мҩаҧаагоит, ҳтәыла анапхгара Урыстәылеи Беларуси рымҩа ишану агәра зго ауаа зегьы ҳрызҧшуп», — иҳәеит  «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы  Ника Мелиа.

Иара иажәақәа рыла, иахьа арежим ахаҭарнакцәа даҽазнык аадырҧшит дара амчылареи ацәгьауратә полициеи  рхы ишадырхәо. Ника Мелиа ишиҳәаз ала, аоппозициаа ари арежим иқәырхуеит  еиҧҟьарада имҩаҧырго аҭынчратә акциақәа рыла.