Владимир Зеленски – Украина Саакашвили ирхынҳәразы аҩаӡарақәа зегьы рҟны аусура нанагӡоит
Владимир Зеленски – Украина Саакашвили ирхынҳәразы аҩаӡарақәа зегьы рҟны аусура нанагӡоит

Украина Саакашвили ирхынҳәразы аҩаӡарақәа зегьы рҟны аусура нанагӡоит. Украина ахада ари атәы ааицҳаит Трускавец имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Зеленски ишиҳәаз ала,  Михаил Саакашвили Украина датәылауаҩуп, убри аҟынтә, Украина иара ирхынҳәразы аусура нанагӡоит.

«Аинстанциақәа зегьы ҳархысуеит, аҩаӡарақәа зегьы рҿы ари азҵааразы аусура наҳагӡоит», — иҳәеит  Зеленски.

Уи аамҭаз, Украина ахада ишазгәеиҭаз ала, Саакашвили Қырҭтәылаҟа дышәдықәлаз издырӡомызт, АИХ  рҟынтә ари атәы аниаҳа,  уамашәа ибеит.

Зеленски ишиҳәаз ала, Саакашвили ииашамкәа иҟаиҵеит, аха, абри аус адетальқәа зегьы еилкаатәуп.