Владимир Зеленски иҳәамҭала, Украина аҳәынҭқарратә аарҳәра ҟалар ауеит
Владимир Зеленски иҳәамҭала, Украина аҳәынҭқарратә аарҳәра ҟалар ауеит

Украина ахада Владимир Зеленски апресс-конференциаҿы ишиҳәаз ала,  Украина аҳәынҭқарратә аарҳәра ҟалар ауеит.

Иара иажәақәа рыла, атәыла анапхгара аинформациа рымоуп Украинеи Урыстәылеи рхаҭарнацәақәак абизнесмен Ренат Ахметов аҳәынҭқарратә аарҳәраҿы илахәызаара алшара  иалацәажәон.

Зеленски иҳәамҭала, дара аарҳәра мҩаҧыргар рҭахуп ҧхынҷкәын  1-2 рзы.

«Ҳара агентцәа ринформациа мацара акәымкәа, абжьытә информациагьы ҳамоуп, уаҟа Украинеи Урыстәылеи рхаҭарнакцәақәак абизнесмен Ренат Ахметов аҳәынҭқарратә аарҳәраҿы илахәызаара алшара иалацәажәоит», — иҳәеит Украина ахада.

Иара иажәақәа рыла, аполитикатә мчқәак Ренат Ахметов абри аоперациа даларгалар рҭахуп.

Зеленски ишазгәеиҭаз ала, уажәазы абри аус адетальқәа рылацәажәара дазыхиам.