Владимир Зеленски ибжьагаҩцәа Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩцәеи Евроеидгыла ахаҭарнакцәеи ирҧылеит
Владимир Зеленски ибжьагаҩцәа Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩцәеи Евроеидгыла ахаҭарнакцәеи ирҧылеит
Украина ҿыц иалху ахада Владимир Зеленски ибжьагаҩцәа Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩцәеи Евроеидгыла ахаҭарнакцәеи ирҧылеит. Ари атәы Твиттер аҿы аалыцҳаит Еврокомиссиа ахаҭарнак Катерина Мартенова.
Бриуссель имҩаҧысыз аиҧыларақәа рхы аладырхәит Александр Данилиуки Руслан Риабошапкеи.

Украинатәи аих ишаарыцҳауа ала, Зеленски игәыҧ аҿы Данилиук адәныҟатәи еизыҟазаашьақәеи, аекономикеи афинанстә азҵаарақәеи дырхылаҧшуеит, Риабошапка – азакәаньчаратәии антикоррупциатәи аполицика аус адиулоит.

Данилиук иҳәамҭала, Евроеидгылеи Украинеи рсаммит иманшәаланы амҩаҧгаразы ари актәи шьаҿоуп.
Асаммит ҧхынгәы 3 рзы мҩаҧгахоит.