Владимир Зеленски – Американтә иҳауа ацхыраара ибзиаҵәҟьаны аанарҧшуеит дара ҳстратегиатә планқәа ишрыдгыло, ари ацхыраара ҳбџьармчқәа рылшарақәа азнарҳауеит
Владимир Зеленски – Американтә иҳауа ацхыраара ибзиаҵәҟьаны аанарҧшуеит дара ҳстратегиатә планқәа ишрыдгыло, ари ацхыраара ҳбџьармчқәа рылшарақәа азнарҳауеит

«Американтә иҳауа ацхыраара ибзиаҵәҟьаны аанарҧшуеит дара НАТО алалара иазку  ҳстратегиатә планқәа ишрыдгыло», — иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски Америка ҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ даниҧылоз.

Зеленски ишиҳәаз ала, америкатә арратә цхыраара украинатәи арбџьармчқәа рылшарақәа азнарҳауеит.

«Ахада Баидени иадминистрациеи адгылареи арратә ацхыраареи азы  ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп.  Американтә иҳауа ацхыраара ибзиаҵәҟьаны аанарҧшуеит дара ҳстратегиатә планқәа ишрыдгыло, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу,  ари ацхыраара ҳбџьармчқәа рылшарақәа азнарҳауеит», — сказал Зеленский.

Америка аҳәынҭқарратә  маӡаныҟәгаҩ ишазгәеиҭаз ала,  адипломатиатә мҩала аимак аҭыҧқәҵара азҵаара аҧыжәара амоуп, аха, агрессиа еиҭаҟалар, Москва уи азы  аҭакҧхықәра агара рықәшәоит.

«Ҳара аргама ааҳацҳаит адиапломатиатә мҩала аимак аҭыҧқәҵареи адеескалациеи  азҵаара аҧыжәара шамоу.  Абри аҭакҧхықәроуп ҳазынтәгьы иҳаду.  Аамҭакала, Москва ираҳаратәы иаҳҳәеит Украина иаҿагыланы агрессиа еиҭалагар, дара крызҵазкәа апроблемақәа шроуа», — иҳәеит Ентони Блинкен.