Владимир Зеленски 28-ҩык урыстәылатәи амаҵзура ҷыдақәа русуҩцәа рганахьала асанкциақәа ралагалара иазку адҵа инапы аҵаиҩит
Владимир Зеленски 28-ҩык урыстәылатәи амаҵзура ҷыдақәа русуҩцәа рганахьала асанкциақәа ралагалара иазку адҵа инапы аҵаиҩит

Владимир Зеленски 28-ҩык урыстәылатәи амаҵзура ҷыдақәа русуҩцәа рганахьала асанкциақәа ралагалара иазку адҵа инапы аҵаиҩит. Иашьашәалоу адокумент ахада аофициалтә ивебдаҟьа ианылеит.

Аӡбара аднакылеит Украина амилаҭтә шәарҭадаратәи атәылахьчаратәи хеилак.

“Асиа еиқәаҵәа” иалоу ахаҿқәа хышықәса ирылагӡаны Украина активқәа рхархәареи, акапитал аиагареи, аидара атранзити априватизациатә аукционқәа рҽалархәреи рылшахом. 2014 шықәсазы Урыстәыла ала Ҟрым аннексиа ашьҭахь, Украина Урыстәыла хықҩыла афизикатәи аиуристтәи хаҿқәа асанкциақәа рзышьақәнаргылеит.