Владимир Путин -  Казахстан активла ахархәара рыман  «маидантәи» атехнологиақәа рзы иҟазшьарбагоу  амчтә елементқәеи аинформациатә ганахьала апротестқәа рыцхраареи
Владимир Путин -  Казахстан активла ахархәара рыман  «маидантәи» атехнологиақәа рзы иҟазшьарбагоу  амчтә елементқәеи аинформациатә ганахьала апротестқәа рыцхраареи

Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәамҭала, Аколлективтә шәарҭадара аиқәшаҳаҭра аиҿкаара амчқәа Казахстан иаанхоит Казахстан ахада атәылаҿы урҭ рыҟазаара иахәҭоуп ҳәа иахьынӡаиҧхьаӡо. Путин иажәақәа рыла, аконтингент атәыла иалҵуеит амиссиа ахыркәшара ашьҭахь.

Урыстәыла ахада ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Аколлективтә шәарҭадара аиқәшаҳаҭра аиҿкаара онлаин-саммит аҿы.  Путин абарҭ ахҭысқәа дрыхцәажәеит Казахстан ажәылареи агрессиатә акти ҳасабала.

«Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит казахстанатәи аҳәынҭқарра аҿаҧхьа ицәырҵыз ашәарҭара абылтәы ахә ацҵара амшала иалагаз апротест ишадҳәалам, адеструктивтә мчқәеи атәыла анҭыҵтәи мчқәеи ари аҭагылазаашьа рхы иадырхәар рҭаххеит. Агазтә џьармыкьаҿы аҭагылазаашьа иаргәамҵуа ауаа иҟоуп, аха, даҽа џьоукы роуп абџьар шьҭыхны аҳәынҭқарра иажәылаз, дара даҽа хықәкык рыман. Убри аамҭазы, Казахстан активла ахархәара рыман  «маидантәи» атехнологиақәа рзы иҟазшьарбагоу  амчтә елементқәеи аинформациатә ганахьала апротестқәа рыцхраареи. Уаҟа иаабеит ибзианы еиҿкааз, анапхгара бзиа зызуз гәыҧҩык аибашьҩыҕьеицәа», — иҳәеит Путин.