Владимир Путин Џьо Баиден ишиашоу аефир аҿы адискуссиа идигалеит
Владимир Путин Џьо Баиден ишиашоу аефир аҿы адискуссиа идигалеит

Владимир Путин Џьо Баиден ишиашоу аефир аҿы адискуссиа идигалеит.

Урыстәлыа ахада ишиҳәаз ала, ишиашоу аефир аҿы адискуссиа  Урыстәылагьы Америкагьы, егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы ртәылауаа рзы аинтерес амоуп.

«Ахада Баиден адискуссиа идазгалар сҭахуп, аха, хымҧада, ишиашоу аефир аҿы, онлаин. Уи Урыстәылагьы Америкагьы, егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы ртәылауаа рзы аинтерес амазар ҟалап», —  иҳәеит Путин.

Урыстәыла ахада ипрессмаӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков ишааицҳаз ала, адипломатиатә каналқәа Урыстәылеи Америкеи рхадацәа рыбжьра аимдара ашьақәыргыларазы алшарақәа реиқәыршәара иаҿуп.