Владимир Чачибаиа – Саакашвили иҟаиҵаз аҳәамҭа ҳаргәамҵуеит, избанзар арратә маҵзуҩцәа аполитикатә хәмаррақәа рахь ралагалара ҟалом
Владимир Чачибаиа – Саакашвили иҟаиҵаз аҳәамҭа ҳаргәамҵуеит, избанзар арратә маҵзуҩцәа аполитикатә хәмаррақәа рахь ралагалара ҟалом

Михаил Саакашвили иҟаиҵаз аҳәамҭа аконкреттә политкиатә хықәкы амоуп. Ари аҳәамҭа ҳаргәамҵуеит, избанзар арратә маҵзуҩцәа аполитикатә хәмаррақәа рахь ралагалара ҟалом, уи шәарҭоуп, — иҳәеит Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа ҧасатәи рҧыза, аинрал-леитенант Владимир Чачибаиа Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.

Владимир Чачибаиа аполитикцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит арратә маҵзуҩцәа ирыдҳәаланы абри аҩыза аҳәамҭақәа ҟарымҵаларц.

«Ар аполитика иаҟәыҭхуп,  аполитикашҟа ар ралагалара иазкны Саакашвили иҟаиҵаз аҳәамҭа шәарҭоуп.  2012 шықәса инаркны ақырҭуа ар, изакәызаалак ак ала аполитика иадҳәалам.  2012 шықәсанӡа алхырҭақәа зегьы Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рнапаҿы иҟан, акомандирцәа зегьы ирықәыҕәҕәон.  Уажәы арратә хәҭақәа рҿы алхырҭакгьы иҟам, аруаа рхы иақәиҭны алхра ҟарҵар рылшоит», — иҳәеит Владимир Чачибаиа.

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили  Facebook аҿы иалаирҵәаз авидеонҵамҭаҿы иҳәеит Қырҭтәыла еиқәырхатәуп, арратә маҵзуҩцәа рпатриотизм дақәгәыҕуеит  ҳәа. Иара убас, иара аруаа атәылауаҩратә ауал анагӡаразы аҽазыҟаҵара рыбжьеигеит.