Виола фон Крамон – Иааиуа амчыбжьқәа рзы Қырҭтәыла ахада лроль ахадаратә ҵакы аиур ауеит
Виола фон Крамон – Иааиуа амчыбжьқәа рзы Қырҭтәыла ахада лроль ахадаратә ҵакы аиур ауеит

Европарламент адепутат  Виола фон Крамон лгәаанагарала, иааиуа амчыбжьқәа рзы Қырҭтәыла ахада лроль ахадаратә ҵакы аиур ауеит.

Виола фон Крамон  акаолициатә аиҳабыра иазкны уажәааны Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит.

«Қырҭтәыла ахада крызҵазкәа аҳәамҭа ҟалҵеит, иааиуа амчыбжьқәа рзы лара ахадаратә роль налыгӡар лылшоит», — илҩит Европарламент адепутат.

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили акаолициатә аиҳабыра далацажәеит афранцыз журнал  Le Journal du Dimanche иалҭаз аинтервиу аҿы.

«9 шықәса рыҩнуҵҟа анапхгаратә гәыҧ ракәын аиҳабыра еиқәзыршәоз, абарҭ ашықәсқәа рзы лабҿаба иубарҭахеит атәылаҿы акаолициатә аиҳабыра шеиқәыршәатәу.  Аха, абри аҩыза аполиаризациа аныҟоу акаолициатә аиҳабыра аусура шрылшо  схахьы исзаагом», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада.