Венди Шерман – Қырҭтәыла еиҧшҵәҟьа, Украинагьы НАТО алалара апроцесс иахысуеит, аха уи азыҳәан аамҭа аҭаххоит
Венди Шерман – Қырҭтәыла еиҧшҵәҟьа, Украинагьы НАТО алалара апроцесс иахысуеит, аха уи азыҳәан аамҭа аҭаххоит

«Қырҭтәыла еиҧшҵәҟьа, Украинагьы НАТО алалара апроцесс иахысуеит, аха уи азыҳәан аамҭа аҭаххоит», — илҳәеит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ  Венди Шерман Бриуссель, НАТО-Урыстәыла ахеилак аилатәара ашьҭахь имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.

Ажурналист длазҵааит Алианс алахәылацәа Украина алаларазы рҳәатәы еиқәшәома ҳәа.

«Сара егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рцынхәрас НАТО алалара апроцесс сзалацәажәом, аха, НАТО алалара апроцесс шымҩаҧысуа шәасҳәоит. Аконкреттә пунктқәа нагӡатәуп.  Ҳара зегьы рзы ҳаартуп, Украина  — даараӡа НАТО алалара зҭаху атәылақәа иреиуп.  Уажәы Украина ари апроцесс иахысуеит. НАТО астандартқәа рҟнынӡа инеиц азыҳәан иҵегьы иҟарҵаша рацәоуп. Иҟало аабап.  Қырҭтәылазгьы абри ауп исҳәо. Ҳара зегьы раасҭа абри атәыла ҳалацәажәоит. Финлиандиеи Швециеи ирызкны акгьы сызшәаҳәом, НАТО алаларазы рамбициақәа зеиҧшроу сыздырӡом, аха, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, Урыстәыла, ишымгәаҕьӡоз, Европа зегьы еиднакылеит!», — илҳәеит Венди Шерман.