Вазиани  амилаҭрацәаратә арратә азыҟаҵарақәа  Agile Spirit – 2021 рхыркәшара аофициалтә церемониа мҩаҧысит [афото]
Вазиани  амилаҭрацәаратә арратә азыҟаҵарақәа  Agile Spirit – 2021 рхыркәшара аофициалтә церемониа мҩаҧысит [афото]

Амилаҭрацәаратә арратә азыҟаҵарақәа  Agile Spirit – 2021 иахьа аофициалла ихыркәшан. Ахыркәшара ацеремониа мҩаҧган Вазиани.

Азыҟаҵарақәа ирылахәыз атәым аруааи ақырҭуа арратә маҵзуҩцәеи рҿаҧхьа иқәгылеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии, атәыла ахада Саломе Зурабишвилии,  атәылахьчара аминистр  Џьуаншер Бурҷуладзеи, Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнани аштат Џьорџьиа Амилаҭтә гвардиа аҧыза Томас Кардени.

Қырҭтәыла азыҟаҵарақәа Agile Spirit 2021 иалагеит ҧхынгәы  26 рзы. Азыҟаҵарақәа рхы рыладырхәит  2,5 нызқьҩык еиҳаны арратә маҵзуҩцәа Азербаиџьани, Британиа Дуи, Германтәылеи, Қырҭтәылеи, Испаниеи, Италиеи, Канадеи, Латвиеи, Лиетувеи, Польшеи, Румынтәылеи, Америкеи, Ҭырқәтәылеи, Украинеи, Естониеи рҟынтә.

Азыҟаҵарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны, арратә маҵзуҩцәа, жәларбжьаратәи аҭынчрачаҧаратә миссиақәа рзы иазыҟарҵоит.