Вахтанг Гомелаури ишиашоу аефир аҿы алаҵа "Синофарм" изыҟарҵеит
Вахтанг Гомелаури ишиашоу аефир аҿы алаҵа "Синофарм" изыҟарҵеит

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури ишиашоу аефир аҿы алаҵа “Синофарм” изыҟарҵеит.

Аминистр алаҵа изыҟарҵеит Николоз Ҟиԥшиӡе ихьӡ зху ацентртә ауниверситеттә клиникаҿ.

Қырҭтәылаҿ акоронавирус азы китаитәи алаҵа “Синофарм” азы аҭаҩра хәажәкыра 27 рзы алагеит. Аиммунизациа апроцесс алагеит мшаԥы 4 рзы.

Ҳазҭагылоу амчыбжь азы авакцинациа апроцесс рхы аладырхәоит аиҳабыреи апарламенти рхаҭарнакцәа.