Вахтанг Гомелаури – Анаркотикқәа рыҭиаразы ахьырхәра арџьбара сақәшаҳаҭуп  
Вахтанг Гомелаури – Анаркотикқәа рыҭиаразы ахьырхәра арџьбара сақәшаҳаҭуп  

Вахтанг Гомелаури – Анаркотикқәа рыҭиаразы ахьырхәра арџьбара сақәшаҳаҭуп

Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури  апарламент аҿы данықәгыла ашьҭахь,  адепутатцәа рызҵарақәа аҭак риҭеит.  Вахтанг Гомелаури ишиҳәаз ала,  Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра,  жәларбжьаратәи апартниорцәа рыцхыраара ала,  аноркотикқәа зҭиуа ауааҧсыра ирҿагыланы иқәҧоит.

«Анаркотиқәа зҭиуа ауааҧсыра ирҿагылоу ақәҧараҿы жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа аус рыцаауеит,  урҭ иреиуп  — ФБР, DEA, Европол, Интерпол, уҳәа убас егьырҭгьы. Ҳара иакымкәа аусмҩаҧгатә дуқәа еицымҩаҧаагахьеит.

Анаркотикқәа зҭиуа ауааҧсыра ирыдҳәаланы имаҷымкәа азҵаарақәа сышәҭеит. Ҧониҷала, Қвемо Қарҭли уҳәа, ари аганахьала аҭагылазаашьа ахьыцәгьоу арегионқәа рҿы еиҧҟьарада аполициатә уснагӡатәқәа мҩаҧаагоит.

Анаркотикқәа зҭиуа ауаа рзы ахьырхәра арџьбара сақәшаҳаҭуп», — иҳәеит Вахтанг Гомелаури.