Вашлиџьвари апротесттә акциа мҩаҧысит
Вашлиџьвари апротесттә акциа мҩаҧысит

Қарҭ,  Вашлиџьвари араион аҿы, аҭыҧантәи ауааҧсыра,  «Еиқәҳархап Вашлиџьвара» адевиз ала, апротесттә акциа мҩаҧыргеит.

Ауаа аихагыла рацәа змоу акорпусқәа рыргыларазы аморатории  адгьылҳәазара ҭызҵааша аексперттә гәыҧ аиҿкаареи иаҳәоит.

Иацы аҭыҧантәи ауааҧсыра Қарҭ ахадарахьы ашәҟәы дәықәырҵеит.

«Аестакада аргыларатә усурақәа раанкылара ҳаҳәоит. Вашлиџьвари аҭагылазаашьа ҭҵаатәуп, ауаа ирдыруазароуп иарбан ҭыҧқәоу зегьы реиҳа ишәарҭоу», — илҳәеит акциа еиҿызкааз Русудан Фанозишвили.