Вашингтон, ахада иинаугурациа ашҟа анашьҭыга ҧаршеи змаз ахаҵа дааныркылеит, иара абџьари  500 цыра еиҳаны ахеиқәыршәақәеи идбалоуп
Вашингтон, ахада иинаугурациа ашҟа анашьҭыга ҧаршеи змаз ахаҵа дааныркылеит, иара абџьари  500 цыра еиҳаны ахеиқәыршәақәеи идбалоуп

Вашингтонтәи аполициа аусзуҩцәа  ахада иинаугурациа ашҟа анашьҭыга ҧаршеи змаз ахаҵа дааныркылеит, иара абџьари  500 цыра еиҳаны ахеиқәыршәақәеи идбалоуп. Ари аинформациа аланарҵәеит  Guardian.

Аӡбаратә документқәа инрықәыршәаны,  Вирџьиниа аштат аҿы инхо  Уесли Аллен Билер, ихатә машьынала, Америка аконгресс аҧхьа иҟоу агәаҭара-аужьҭратә пункт ашҟа днеины, анашьҭыга дирбеит, аха уи ҧаршеин. Имашьынаҿы абџьари ахеиқәыршәақәеи аарҧшын. Аполициа адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу ахаҵа абџьар аныҟәгара азин имамызт.

Америка  Аусеилыргаратә федералтә биуро  аҟынтә аполициатә органқәа рахь иҟаҵаз адырра инақәыршәаны,  ахада иинаугурациа аҽны  бџьартә апротесттә акциақәа ҟалар ауеит. .

Америка ахада ҿыц иинаугурациа мҩаҧысуеит ажьырныҳәа  20 рзы.