Вано Мерабишвили  "Амилаҭтә ҵысра" аофис ашҟа днеит
Вано Мерабишвили  "Амилаҭтә ҵысра" аофис ашҟа днеит

«Иаку амилаҭтә ҵысра» аофис хадаҿы дыҟан апартиа ҧасатәи амаӡаныҟәгаҩ хада Вано Мерабившили.

Мерабишвили аофис аҟынтә данцоз акомментариақәа ҟаимҵеит.

Еиуеиҧшым аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа  «Амилаҭтә ҵысра» аофис ашҟа инеиуеит Ника Мелиа адгылара изаарҧшразы. Дара ишырҳәо ала, аполициа Ника Мелиа иаанкыларазы алшара рырҭом.