Иапониа аҳҭнықалақь Токио апаралимпиада 2020 иалагеит. Хсааҭк имҩаԥысуаз аныҳәатә церемониа иԥшӡоу аланарԥшыран.
Апаралмипиада 136 тәылантә 44000-ҩык аспортсменцәа рхы аладырхәоит, урҭ иреиуоуп ақырҭу́а спортсменцәагьы. Қырҭтәыла Актәи аканал ахәаԥшцәа ақырҭуа спортсменцәа рықәгыларақәа ирыднагалоит.
Ақырҭуа делегациа 13-ҩык аспортсменцәа рыла ишьақәгылоуп, урҭ аиндаҭларақәа ирылагоит нанҳәа 25 рзы.