Цхинвал ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа закәандарала иааныркылаз Алан Џьаҧариӡе ихы дақәиҭуп
Цхинвал ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа закәандарала иааныркылаз Алан Џьаҧариӡе ихы дақәиҭуп

Цхинвал ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа закәандарала иааныркылаз Алан Џьаҧариӡе ихы дақәиҭуп.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррақәа рыла, Џьаҧариӡе  Цхинвал ааигәара даанкылан.

«Ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа ари аинформациа аладырҵәеит Ацәаҳәа ҷыда ала,  2021 шықәса мшаҧы 21 рзы.

Убри ашьҭахь, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа рҟны еиҧҟьарада аимадара рыман.

Апроцесс активла рҽаладырхәит Евроеидгыла Анаҧшратә Миссиа ахаҭарнакцәа. Ари азҵаара иалацәажәеит Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭра амеханизми аиҧылараҿы.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусура нанагӡоит закәандарла иаанкылоу егьырҭ ауааҧсыра зыҧшра ҟамҵакәа рхақәиҭтәразы», — иануп аҳәамҭаҿы.