Цәыббра 8 рзы Никол Ԥашиниан Қырҭтәыла даҭаауеит
Цәыббра 8 рзы Никол Ԥашиниан Қырҭтәыла даҭаауеит

Шәамахьтәылатәи ареспублика аԥыза-министр Цәыббра 8 рзы Никол Ԥашиниан аофициалтә вищитла Қырҭтәыла даҭаауеит. Ари атәы Ԥашиниан ааицҳаит апарламент аҿы данықәгылоз.

Ԥашиниан иазгәеиҭеит иколлега, Иракли Ӷарибашвили Шәамахьтәыла-Қыртәыла аекономикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбаара ахырхарҭала аинтерес шааирԥшыз.

“Рашәара 12 рзы атҟәацәа рырхынҳәра аус аҿы Иракли Ӷарибашвили илагала дуу хымԥада иазгәаҭатәуп,” – иҳәеит Ԥашиниан.