Цәыббра 13 рзы амуниципалтә транспорт аусура еиҭалагоит
Цәыббра 13 рзы амуниципалтә транспорт аусура еиҭалагоит

Цәыббра 13 рзы амуниципалтә транспорт аусура еиҭалагоит. Аӡбара  рыдыркылеит Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак аҿы.

Атәылаҿ иҟаз аепидҭагылазаашьа цәгьа иахҟьаны, амуниципалтә транспорт аусура ҧкын цәыббра 13-нӡа.

Аԥкра иазкыз аӡбара рыдыркылеит нанҳәа 14 рзы. Амуниципалтә транспорт аныҟәара раԥхьаӡаа аанкылан цәыббра 4-нӡа, аха ашьҭахь аҿҳәара ахыԥан цәыббра 13-нӡа.

Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак анапхгаҩы Гиорги Ӷибраӡе ишааицҳаз ала, егьырҭ аԥкрақәа макьана иаанхоит.