"Ҭалибан" аибашьцәа Кабул ауааҧсыра абџьар рымхра иалагеит
"Ҭалибан" аибашьцәа Кабул ауааҧсыра абџьар рымхра иалагеит

“Ҭалибан” аибашьцәа Кабул ауааҧсыра абџьар рымхра иалагеит. Ари аинформациа аладырҵәеит аиҿкаара ахаҭарнакцәа.

«Ишеилаҳкаауа ала,  ауаа ахыхьчаразоуп абџьар зрымаз. Уажәшьҭа ашәарҭара иҭагылам. Ҳара аҭынчуаа изакәызаалак ҧырхагак рзааҳгом», — иҳәеит аталибцәа рхаҭарнак.