Страсбургтәи аӡбара Урыстәыла аҭакҧхықәра аднаҵеит Алеқсандр Литвиенко ишьразы
Страсбургтәи аӡбара Урыстәыла аҭакҧхықәра аднаҵеит Алеқсандр Литвиенко ишьразы

 

Страсбургтәи аӡбара Урыстәыла аҭакҧхықәра аднаҵеит Алеқсандр Литвиенко ишьразы.

Иахьа иашьашәалоу ақәҵара аднакылеит Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи Аӡбара.

Аӡбақәҵа ишану ала,  Урыстәылатәи афедерациа Ашәарҭадаратә маҵзура аҭакҧхықәра адуп ҧасатәи русзуҩ ашҳам иҭаразы.

Иара убас, Европатәи аӡбара Урыстәыла анапхгара аҧхықәра рықәырҵеит Литвиенко иҧҳәысеиба  100 000 евро акомпенсациа лыҭаразы.

Алеқсандр  Литвиненко 2006 шықәсазы Лондон ашҳам иҭаны дыршьит.